Марта Кос — Қырҭтәыла анапхгара вариантк ауп ирымоу — Европа аҿагыларатә закәанқәа раҧыхра
«Қырҭтәыла анапхгара рыжәлар ржьоит, атәыла Евроеидгыла иазааигәахоушәа рарҳәоит, аха, иҵабыргны, дара Қырҭтәыла Евроеидгыла иацәыхарартәоит», — илҳәеит арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар Марта Кос Евроеидгыла арҭбаара иазкыз асаммит аҿы.
Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәылазы иахьатәи аҳасабырба — акандидат-тәылақәа ирызкны иҟаҵаз аҳасабырқәа зегьы иреицәоуп.
«Қырҭтәыла анапхгара рыжәлар ржьоит, атәыла Евроеидгыла иазааигәахоушәа рарҳәоит, аха, иҵабыргны, дара Қырҭтәыла Евроеидгыла иацәыхарартәоит. Аусхкқәа рацәа рҿы арегресс убарҭоуп. Ҷыдала, азакәан ахадареи, акоррупциа аҿагылареи, АИХқәа рхақәиҭреи ахырхарҭала. Қырҭтәыла анапхгара рыжәлар ринтересқәа ирзықәҧом. Дара вариантк ауп ирымоу — Европа аҿагыларатә закәанқәа реиҭахәаҧшра. Аиҳабыра рхатә оппонентцәеи ажурналистцәеи раанкылареи атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәа рышьҭацалареи иаҟәыҵроуп. Урҭ рыцхраара ҳцәыуадаҩуп, избанзар, абахҭа иҭаркыр ауеит. Ҳәарада, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус амоуп, аха, Еврокомиссиазы уи баша қьаадуп. Ҳара, иҳалшо ала, АИХқәеи атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәеи ҳрыцхраауеит», — илҳәеит Кос.