Арҭбаара азҵаарақәа рзы Еврокомиссиа акомиссар Марта Косс сынтәа Азербаиџьани Шәамахьтәылеи дырҭаауеит. Ари атәы аанацҳаит азербаиџьантәи апресса.
Дара рдыррақәа рыла, Еврокомиссиаҿы ишьақәдырҕәҕәеит Марта Косс арҭ авизитқәа шымҩаҧылго.
Шәамахьтәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Косс сынтәа лаҵарамзазы Ереван имҩаҧысуа «Шәамахьтәыла — Евроеидгыла» раҧхьатәи асаммит лхы алалырхәоит.