Марта Кос Украина авице-аҧыза-министр игәалалыршәеит антикоррупциатә  органқәа русура аҧкра Евроеидгыла апроцесс иадҳәалоу аҧхықәрақәа ишрышьамшәыло
Марта Кос Украина авице-аҧыза-министр игәалалыршәеит антикоррупциатә  органқәа русура аҧкра Евроеидгыла апроцесс иадҳәалоу аҧхықәрақәа ишрышьамшәыло

Арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар  Марта Кос  Украина евроатлантикатә интеграциа азҵаарақәа рзы авице-аҧыза Тарас Качка игәалалыршәеит антикоррупциатә  органқәа русура аҧкра Евроеидгыла апроцесс иадҳәалоу аҧхықәрақәа ишрышьамшәылам.

Ари аинформациа аланарҵәеит аҭыжьымҭа «Европатәи аиашара».

 Марта Кос лҳәамҭала, Евроеидгыла ари азакәан адкылара  иахәаҧшуеит  Украина акандидат астатус анашьараан Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿ шьҭахьҟа ицо ашьаҿа аҳасабала.

«Европатәи аиашара» ишану ала, уажәраанӡа Қырҭтәыла акритика азыруан акандидат тәыла аҳасабала иахәҭоу ареформақәа ахьынанамгӡаз азы, убри амшала Евроеидгыла  Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс ааннакылеит.  Аҭыжьымҭа ишану ала,  Марта Кос Тарас Качка даниҧылоз, иаҵшьны иазгәалҭеит уажәы Украинагьы абри аҩызаҵәҟьа алҵшәа аиур шыҟало.

 «Ари ашьаҿа Евроеидгылахь Украина алалара иазку аиҿцәажәаратә процесс азы исериозу анырра амазаауеит. Уажәы  Евроеидгыла иалоу атәылақәа  иаартны ирҳәоит актәи акластер аартра иахәҭамзар ҟалап ҳәа», — илҳәеит  Марта Кос.