„Арадио Ахақәиҭра“ – Еврокомиссар Марта Кос лҳәамҭала, Қырҭтәылаҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра аиҭахәаҧшреи  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҟны аимадарақәа реиҭашьақәыргылареи ҳалшар ҟалап
„Арадио Ахақәиҭра“ – Еврокомиссар Марта Кос лҳәамҭала, Қырҭтәылаҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра аиҭахәаҧшреи  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҟны аимадарақәа реиҭашьақәыргылареи ҳалшар ҟалап

Қырҭтәыла ацәыӡра сақәшаҳаҭым, – илҳәеит арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар Марта Кос „Арадио Ахақәиҭра“ аексклиузивтә интервиу аҿы.

Лара лҳәамҭала, Бриуссель Қырҭтәылазы акандидат астатус арҵаареи ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра  (DCFTA) аиҭахәаҧшреи иалацәажәоит, аха, ари азҵаара  „гәҽанызаарала“ иазныҟәоит.

Убри аамҭазы, еврокомиссар Марта Кос ишылҳәаз ала, Қырҭтәылаҿ „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахаҭарнакцәа рҟны иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аимадарақәа реиҭашьақәыргылара иалагар ҟалап.

„Авизатә либерализациа аҧыхра ҳалацәажәоит, аха, убри ала, ақырҭуа жәлар азарал рзааҳгоит. Анеҩс, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра ҳалацәажәоит. Уигьы ҳаиҭахәаҧшыр ауеит. Насгьы, Қырҭтәыла акандидат астатус анашьоуп. Уигьы ҳарҵаар ҳалшоит. Абри зегьы ашьҭахь, Ҭырқәтәылаҿ еиҧшҵәҟьа, араагьы амҩаҿахҵәа ҳҭагылар ауеит. Уи еиҧш алшара иҟоуп.

Аиҳабыра ақырҭуа жәлар рҳәатәы анхарымҵо  сгәаҧхом. Ажәлар европатәи амҩоуп ирҭаху. Ҳара наҟ-наҟгьы ари азҵаара аус адааулоит.  Қырҭтәыла ҳцәыӡыр ауеит, сара уи сзақәшаҳаҭхом. Аха, атәыла аиҳабыра ирыдыркыло азакәанқәа европатәи апринципқәа ирышьашәалам“, – илҳәеит Марта Кос.