Аилахәыра  "Maersk" ажәалагала ҟанаҵеит Китаинтә Қырҭтәыла иалганы Европаҟа аихамҩа-амшынтә аидарамҩангара ҿыц аиқәыршәаразы
Аилахәыра  "Maersk" ажәалагала ҟанаҵеит Китаинтә Қырҭтәыла иалганы Европаҟа аихамҩа-амшынтә аидарамҩангара ҿыц аиқәыршәаразы

Аилахәыра  «Maersk»  абжьаратә корридор аҿы аихамҩатә аидарамҩангара ҿыц иалагеит. Адәыҕба рыдыркылеит Ҧуҭтәи абаҕәазаҿы. Ари атәы аанацҳаит  «IPM Terminal Poti».

Аинформациа ишану ала,   «Maersk»  аклиентцәа аихамҩа-амшынтә сервис ҿыц рыднагалоит, уи инақәыршәаны,  адәыҕба Китаинтә Европаҟа инеиуеит  40 мшы рыла  Казахстани, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи,  Румынтәылеи ирылсны.

A.P. Moller-Maersk ари амаршут аус адулара иалагеит хәажәкыразы.  2022 шықәса мшаҧы азы Китаинтә раҧхьатәи аҧышәаратә дәыҕба дәықәҵан.