Гиули Аласаниа -  «Агәылтә револиуциа» афырхаҵа абахҭа дахьҭаку сеигәырҕьом, ажәлар Саакашвили ихақәиҭтәра иаҳәароуп
Гиули Аласаниа -  «Агәылтә револиуциа» афырхаҵа абахҭа дахьҭаку сеигәырҕьом, ажәлар Саакашвили ихақәиҭтәра иаҳәароуп

««Агәылтә револиуциа» афырхаҵа абахҭа дахьҭаку сеигәырҕьом, ажәлар Саакашвили ихақәиҭтәра иаҳәароуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада  Михаила Саакашвили иан Горитәи аклиникаҿы иара данылба ашьҭахь.

Лара лажәақәа рыла, Саакашвиил имч цеит, аарлаҳәа деиҭаҵуеит.

«Иҭагылазаашьа еиҕьхеит, аха, макьана аарлаҳәа деиҭаҵуеит. Аиҭашьақәыргылара апроцесс аамҭа аҭахуп. Амедицинатә персонал сгәаҧхеит. Дҭакны дрымоижьҭеи иҵуа жәдыруеит. Астационар аҿы дышьҭоуп. Апалата дуум, аха уаҟа уаҳа алшара рымамзар ҟалап.

Шәгәы ишҧаанаго, иара уи ихәҭоума? Михаил Саакавшили ихы дақәиҭзар сҭахуп, ажәларгьы уи иаҳәароуп», — илҳәеит Гиули  Аласаниа.