Гиули Аласаниа – Миша абахҭашҟа дыздырхынҳәуа сыздырӡом, ари ауаҩы игәабзиара аҭагылазаашьа уи еиҧш алшара рнаҭом
Гиули Аласаниа – Миша абахҭашҟа дыздырхынҳәуа сыздырӡом, ари ауаҩы игәабзиара аҭагылазаашьа уи еиҧш алшара рнаҭом

 

Михаил  Саакашвили иан Гиули Аласаниа лҳәамҭала,  Саакашвили абахҭашҟа ирхынҳәразы шьаҭас иҟоу лзеилкаауам.

«Усҟангьы сгәы иаанагеит абахҭашҟа ддырхынҳәыр рҭахуп ҳәа. Уи азы шьаҭас ирымоу сзеилкаауам.  Ишыҟазаалакгьы, ари ауаҩы игәабзиара аҭагылазаашьа уи еиҧш алшара рнаҭом.  Аҳақьымцәа хар имамкәа дыҟоуп ҳәа ирҩыр рылшоит. Ианырҭаххалак абахҭашҟа диаргар рылшоит.  Польшатәи аҳақьымцәа нармышьҭит.  «Вивамеди» амедперсонал абри аҩыза аӡбара зрыдыркыломызт, дара апенитенциартә система, ашәарҭадара амаҵзура уҳәа, еиуеиҧшым аструктурақәа рнапаҿы иҟоуп. Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла адемократиа иҟам. Ҳара ҳҿы адемократиа макьана аус ауам», — илҳәеит Аласаниа.

Лара лажәақәа рыла, ҧасатәи ахада иҭаацәара Европатәи аӡбарҭашҟа ашшыҧхьыӡ аларҵар ҟалап.