Саакашвили иан – Сара польшатәи аҳақьымцәа сырмацәажәацт
Саакашвили иан – Сара польшатәи аҳақьымцәа сырмацәажәацт

Сара польшатәи аҳақьымцәеи ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи  сырмацәажәацт, ателевизорла избаз акгьы санаҳәом.  Дарбанызаалак аӡәы џьара ак изҭазар ауеит, уи абиоматериалуп ҳәа зҳәада? Ус акәзар, абри зегьы иҵаҵгәырктәуп, — илҳәеит Гиули Аласаниа ҧхынгәы 14 рзы  Қырҭтәыла Апенитенциартә маҵзура иаланарҵәаз  аинформациа данахцәажәоз, ари аинформациала, польшатәи аҳақьымцәа руаӡәы аклиника иҭоу абаандаҩы Михаил Саакашвили имырхыз абиоматериал ишьаҵа иҭаҵаны, маӡала аклиникантә игар иҭахын.

Саакашвили иан лгәаанагарала, Апенитенциартә маҵзура хықәкыла авидеонҵамҭа аланарҵәеит украинатәи Радеи Европарламенти Михаил Саакашвили идҳәаланы иҟарҵаз ааҧхьара аҟынтә даҽа зҵааракахь хшыҩзышьҭра аиагаразы.

«Арҭ амшқәа рзы  сҧа ихақәиҭтәра иадҳәаланы зҵакы дуу 2 фактк ҟалеит. Актәи  — украинатәи Рада ааҧхьареи, аҩбатәи  – Европарламент алахәылацәа иҟарҵаз ааҧхьареи.  Арҭ ауаа даараӡа сраҭабууп. Уажәы ҳазлацәажәо ахҭыс абарҭ афактқәа рҟынтә хшыҩзышьҭра аиагара  иазкуп ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит  Аласаниа.

Лара лажәақәа рыла, польшатәи аҳақьымцәа Қырҭтәыла иқәҵхьеит.

Аласаниа лҳәамҭала,  Михаил  Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аҽамҧсахит.

«Иҭагылазаашьа аҽамҧсахит. Акранифогьы, цқьа дызтәом. Еиуеиҧшым апроблемақәа иҟоуп, акрыфарагьы ицәыуадаҩуп», — илҳәеит  Саакашвили иан.