Гиги Угулава Михаил Саакашвили иҧылара иазкны ирҭаз азҵаара аҭак аимҭеит
Гиги Угулава Михаил Саакашвили иҧылара иазкны ирҭаз азҵаара аҭак аимҭеит

 

«Европатәи Қырҭтәыла» алидерцәа иреиу Гиги Угулава  Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили диҧылама ҳәа ианиазҵаа, аҭак ҟаимҵеит.

Иахьа аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәанәы, Гиги Угулавеи Давиҭ Бақраӡеи Михаил Саакашвили иҧылеит, аха, убри амшала дареи Гига Бокериеи ирыбжьалаз аимак амшала  Давиҭ Бақраӡе апартиа далҵыр ауеит.

Давиҭ Бақраӡе ихаҭа ари азҵаара иадҳәаланы аилыркаарақәа ҟаимҵеит, иара ишиҳәаз ала, амчыбжь анҵәамҭазы ажәлар аинформациа наӡа роуеит.