Гиа Вольски -  Урыстәылатәи авиаеилахәыра асаитаҿ Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа рсиа иахьанырхыз бзиоуп
Гиа Вольски -  Урыстәылатәи авиаеилахәыра асаитаҿ Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа рсиа иахьанырхыз бзиоуп

«Урыстәылатәи авиаеилахәыра Қырҭтәыла ахьыҧшымра иазку алозунгқәа рыла аҧырра иалагоит ҳәа ҳгәыҕуам», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

Вольски иҳәамҭала,  урыстәылатәи авиаеилахәыра асаитаҿ Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа рсиа иахьанырхыз бзиоуп.

«Аилахәырақәа асанкциақәа рыҵаҟа иҟамзароуп, абри ауп ихадоу. Урыстәылатәи абиуџьет аҟынтә аҧара зауа ауаҩҧсы зыӡбахәы ҳәоу аилахәыразы асанкциақәа данрылацәажәо,  иара ииҳәо зегьы иахьатәи алабҿабара иашьашәалам», — иҳәеит  Вольски.

Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашоу авиареисқәа рымҩаҧагара алагара згәы иҭоу урыстәылатәи авиаеилахәыра  «Азимут»  ахатә саитаҿ Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи  ихьыҧшым  аҳәынҭқаррақәа рсиа ианырхит.