Гиа Вольски - Иацтәи аиԥылараҿ аҵара аминистр иԥсахра азҵаара ҳахәаԥшит
Гиа Вольски - Иацтәи аиԥылараҿ аҵара аминистр иԥсахра азҵаара ҳахәаԥшит

Апарламент авице-спикер Гиа Вольски иҟаиҵаз аҳәамҭала, иацы имҩаԥгаз аиҳара реилатәара аҿы аҵара аминистр изҵаара иахәаԥшит.

Вольски иажәақәа рыла,акадртә ԥсахра иазкә аӡбара рыдыркылар, аҳәамҭа аԥыза-министр ҟаиҵоит.

„Иацы имҩаԥгаз аиҳара реилатәара аҿы аҵара аминистр изҵаара ҳахәаԥшит, акадртә аиҭакра ҳахцәажәеит. Ари азҵаара иазкны ҳгәанагарақәа ааҳарԥшит. Аинтерес зҵоу агәаанагарақәа ҳарзыӡырҩит. Ари иазкны аҳәамҭа ҟаиҵоит аӡбара здызкыло ахаҿы – аԥыза-министр“, – иҳәеит Вольски.

Вольски иажәақәа рыла, апартиа аӡәгьы аанижьуам.