Гиа Вольски - Аҳәынҭқарреи уи аҭышәынтәалареи рыхьчара азыҳәан акоррупциа ҕәҕәала ҳаҿагылоит
Акоррупциа убри аҩыза темоуп, ҧасатәи анапхгара ишыҟарҵоз еиҧш уи аҵәахра ҟалом, акоррупциа атемеи уи иаҿагыло ашьаҿақәеи аргама ҳрылацәажәароуп, – иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.
Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра ҕәҕәала акоррупциа иаҿагылоит.
„Аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы акоррупциа иаҳа иҭбаахоит ҳәа ҳгәы иаанагом, аха, уезгьы, акоррупциа ҕәҕәала ҳаҿагылоит, избанзар, уи аҳәынҭқарра арбгоит. Ҳәарада, ҳуааҧсыра ибзианы ирдыруеит Қырҭтәыла ареитингқәа шыҳараку. Акоррупциа аҿагылара аганахьала европатәи атәылақәа рацәа раҧхьа ҳгылоуп. Ҳара ари ареитинг ҳахьчароуп ареитинг мацараз акәымкәа, ҳҳәынҭқарреи уи аҭышәынәталареи ахьчаразгьы. Аџьбара аарҧштәуп, аха, аамҭакала, аиашарагьы ихьчазароуп“,- иҳәеит Гиа Вольски.