Гьаргь Гахариа  - Шарль Мишель идокумент аҟынтә  «Ақырҭуа гәахәтәы» алҵра  - ашәара ауп изыхҟьаз
Гьаргь Гахариа  - Шарль Мишель идокумент аҟынтә  «Ақырҭуа гәахәтәы» алҵра  - ашәара ауп изыхҟьаз

Апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантаҩы Гьаргь Гахариа игәаанагарала, Шарль Мишель идокумент аҟынтә  «Ақырҭуа гәахәтәы» алҵра ашәара ауп изыхҟьаз.

Гахариа ари аҳамҭа ҟаиҵеит Европарламент адепутат   Виола фон Крамон данылҧыла ашьҭахь.

«Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҭара компонентқәак рыла ишьақәгылан. Актәи аӡбаратә реформа иазкын, аха, рыцҳарас иҟалаз, анагхгаратә гәыҧ уи иазҧхьагәарымҭеит. Егьи азҵаара  43-наӡынатәи абариер иазкын. Сгәы ишаанаго ала, анапхгаратә гәыҧ, ишәаны,  иқәшаҳаҭра иалҵит, избанзар, атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара шрылымшо рбоит. Аха, зегьы иреицәоу – дара амчра  рзаанхар ауп ирҭаху. Аҳәынҭқарратә интересқәа аҧыжәара рцәыӡит.  Апартиатә интересқәа роуп аҧхьагылара змоу.  Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, анапхгаратә гәыҧ жәларбжьаратәи апартиниорцәа рҟны рнапы зҵарҩыз адокументқәа иазҧхьагәарҭом, уи ашәара ауп изыхҟьаз», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.