Гьаргь Гахариа  - Рыцҳарас иҟалаз, иахьа „Ақырҭуа гәахәтәы“ иара изыҧсоу аҵкыс иаҳа ирацәаны адгылаҩцәа амоуп, уи ҳаргьы иаҳхароуп
Гьаргь Гахариа  - Рыцҳарас иҟалаз, иахьа „Ақырҭуа гәахәтәы“ иара изыҧсоу аҵкыс иаҳа ирацәаны адгылаҩцәа амоуп, уи ҳаргьы иаҳхароуп

Рыцҳарас иҟалаз, иахьа „Ақырҭуа гәахәтәы“ иара изыҧсоу аҵкыс иаҳа ирацәаны адгылаҩцәа амоуп, уи ҳаргьы иаҳхароуп, – иҳәеит апартиа  „Қырҭтәыла адгыларазы“ ахантәаҩы Гьаргь Гахариа апариа аизараҿы.

Гахариа ишазгәеиҭаз ала, аполитикцәа „Ақырҭуа гәахәтәы“ аламыси аиашареи ирзықәҧо мчны уаҳа ишыҟам  ажәлар  цқьа еилыркааратәы  ирзыҟамҵеит.

„Уи иахьа аиашамреи,  амчылареи,  акоррупциеи ахарџьла мацара иҟоу мчуп. Уи аморалтә принципқәа змам мчыс иҟалеит,  махәҿала иаҳа иҕәҕәоуп,  убри абзоуралоуп иахьа амчра шрымоу. Асоциалтә аиашара ахьыҟам атәылаҿы адемократиа зыҟалом“, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гахариа иажәақәа рыла,  арадикализациеи аполиаризациеи хымҧада иаҧыхтәуп.

Иара убас,  Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, апартиа  „Қырҭтәыла адгыларазы“ иарбанзаалак алхрақәа рзы аҽазыҟанаҵоит.

„Ҳара наҟ-наҟ имҩаҧысуа иарбанзаалак алхрақәа рзы ҳҽазыҟаҳҵоит. Ҳара,  аҭакҧхықәра ҳхы иадҵаны,  ҳуааҧсыра иаартны ираҳҳәоит,  ааи,  алхрақәа рзы ҳҽазыҟаҳҵоит,  ҳтәылаҿы анапхгара ааҧсахра ҟалоит ҭынч,  алхрақәа мацара рыла.  Ҳара иаартны иаҳҳәоит ҳтәылаҿы иарбанзаалак арадикалтә ареволиуциатә сценари Қырҭтәыла аҕацәа мацара ишақәгәырҕьо. Иахьатәи алабҿабара аҭынчмҩала иҧсахтәуп ҳәа згәы иаанаго ауааҧсыра зегьы рзы ҳполитикатә ашә аартуп“, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.