Гьаргь Гахариа – Иахьа иарбанзаалак дыргала аиҟәшара аамҭам, иахьа ҳаззегьы, аполитикатәи атәылауаҩратәи уаажәларра  ҳаидгыланы, аҳәынҭқарреи Қырҭтәыла атәылауааи рымаҵ ҳуроуп
Гьаргь Гахариа – Иахьа иарбанзаалак дыргала аиҟәшара аамҭам, иахьа ҳаззегьы, аполитикатәи атәылауаҩратәи уаажәларра ҳаидгыланы, аҳәынҭқарреи Қырҭтәыла атәылауааи рымаҵ ҳуроуп

Иахьа иарбанзаалак дыргала аиҟәшара аамҭам, иахьа ҳаззегьы, аполитикатәи атәылауаҩратәи уаажәларра  ҳаидгыланы, аҳәынҭқарреи Қырҭтәыла атәылауааи рымаҵ ҳуроуп,  – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, иаауа ашықәс иманшәалахарц азы, ари зегьы ҟаҵатәуп.

«Ашықәс ҿыц иахьа абжьааԥнеиԥш аԥылара ҳалшом, аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥаагом, ари амш ҳҭаацәарақәа рҿы ҳаԥылоит. Иахьа аҭакԥхықәра ду ҳамоуп.  Иахьа иарбанзаалак дыргала аиҟәшара аамҭам, иахьа ҳаззегьы, аполитикатәи атәылауаҩратәи уаажәларра ҳаидгыланы, аҳәынҭқарреи Қырҭтәыла атәылауааи рымаҵ ҳуроуп. Ари ауп хықәкы хаданы иҳамоу. Иаауа ашықәс иманшәалахарц азы, ари зегьы ҟаҵатәуп, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.