Франк Вальтер Штаинмаиер – Урыстәыла ала Украина ажәылара амшала Германтәылеи Москвеи реизыҟазаашьақәа рҿы «аепохатә ахҟа» ҟалеит
Франк Вальтер Штаинмаиер – Урыстәыла ала Украина ажәылара амшала Германтәылеи Москвеи реизыҟазаашьақәа рҿы «аепохатә ахҟа» ҟалеит

«Урыстәыла ала Украина ажәылара амшала Германтәылеи Москвеи реизыҟазаашьақәа рҿы «аепохатә ахҟа» ҟалеит, ари аибашьра Асовет Еидгыла ахада Михаил Горбачиов хықәкыс имаз  «азеиҧш европатәи аҩны» аҧҵара аидеиа ибнаргеит, — иҳәеит Германтәыла ахада  Франк-Вальтер Штаинмаиер.

«Иахьатәи Урыстәыла ҳанахәаҧшуа, уаҟа ҧасатәи агәахәтәқәа убарҭам. Иахьа ҳтәылақәа еиҿагылоуп. Абри зегьы Германтәыла даҽа лабҿабарак иҭанаргылеит, ахьчамзаара алабҿабара, ҳара уи ҳалҵхьеит ҳәа ҳгәы иаанагон», — иҳәеит  Штаинмаиер.

Мышқәак раҧхьа Германтәыла ахада Украина даҭааит, иара Украина ахадеи ауааҧсыреи ацхыраара анагӡара иақәиргәыҕит.