Финляндиа ахадеи  аҧыза-министри аҳәамҭа еицыҟарҵеит  - Финляндиа,  излауа ала ирласны,  НАТО алаларазы азыҳәамҭа ҟанаҵароуп
Финляндиа ахадеи  аҧыза-министри аҳәамҭа еицыҟарҵеит  - Финляндиа,  излауа ала ирласны,  НАТО алаларазы азыҳәамҭа ҟанаҵароуп

«Финляндиа,  излауа ала ирласны,  НАТО алаларазы азыҳәамҭа ҟанаҵароуп», —  иануп Финляндиа ахада Саули Ниинистеи  аҧыза-министр Санна Марини  еицыҟарҵазы аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, НАТО алахәызаара Финлиандиа ашәарҭадара арҕәҕәоит.

«Ааҧынразы, Финлиандиа, НАТО алалара иазкны зҵакы дуу адискуссиа мҩаҧган. Атәыла апарламенти ажәлари ари азҵааразы апозициа аарҧшразы аамҭа рҭаххеит. Иара убас, НАТО алахәылацәеи Швециеи рҟны аимадаразгьы аамҭа аҭахын. Уажәы аӡбара адкылара иаамҭоуп. НАТО алахәызаара Финлиандиа ашәарҭадара арҕәҕәоит. Иааиуа амшқәа рзы атәыла аҩныҵҟа аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара ҳақәгәыҕуеит», — иануп аҳәамҭаҿы.