Европа ареконструкциеи аҿиареи рбанк Москвеи Мински аофисқәа раԥыхра аӡбара аднакылеит
Европа ареконструкциеи аҿиареи рбанк Москвеи Мински аофисқәа раԥыхра аӡбара аднакылеит

Европа ареконструкциеи аҿиареи рбанк Москвеи Мински аофисқәа раԥыхра аӡбара аднакылеит. Ари азгәаҭоуп аиҿкаара аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

„Европа ареконструкциеи аҿиареи рбанк Украина имҩаԥысуа аибашьра аҿагылоит. Москвеи Мински аофисқәа рыркра аӡбара Беларус Урыстәылатәи афедерациа азаанарԥшыз ацхыраара иахҟьоуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Абанк Украина адгылара азаанарԥшуеит, Украинеи аибашьра амзызла аԥхасҭа зауз егьырҭ атәылақәеи рыцхыраразы ҩмиллиард евро иаҟароу апакет шьақәнарӷәӷәеит.