Еврокомиссиа ахада Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ажәбатәи рпакет заа ирылалҳәеит
Еврокомиссиа ахада Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ажәбатәи рпакет заа ирылалҳәеит

Еврокомиссиа ахада Урсула Фон Дер Лаиен Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ажәбатәи рпакет заа ирылалҳәеит.

Урсула Фон Дер Лаиен ишаалыцҳаз, иашьҭанеиуа апакет асанкциатә сиа ианылоит 200 рҟынӡа урыстәылатәи аилахәырақәеи Урыстәыла атәылауааи.

Еврокомиссиа ахада лажәақәа рыла, асиа ианылоит Урыстәыла арбџьармчқәеи, аруааи, Аҳәынҭқарратә думеи анапхгара рхаҭарнакцәеи рҟны аимадарақәа змоу аилахәырақәа.

Урсула Фон Дер Лаиен ишаалыцҳаз, асиа еиқәаҵәа ианылеит урыстәылатәи хбанкк, аекспорт азы аԥкрақәа рзышьақәдыргылеит урыстәылатәи аалыҵ, ҷыдала ҩзкрак змоу аалыҵи аелектроникеи, урыстәылатәи ԥшьканалк адырраҭара зин рымхын.

“Ҳара Украина ҳадгылоит, Урыстәыла имҩаԥнаго агәымбылџьбаразы иақәнаго ақәшәоит. Иҟоу асанкциатә аапакетк Урыстәыла аԥхасҭа ду азааргеит”, – иазгәалҭеит Урсула Фон Дер Лаиен “Твиттер” аҿы.