Евроеидгыла аофис аҧхьа Ника Мелиеи Иракли Кобахиӡеи еиҿагылеит

Евроеидгыла аофис аҧхьа апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы Иракли Кобахиӡеи  «Амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиеи еиҿагылеит.

Иракли  Кобахиӡе АИХ аинтервиу анриҭоз, Ника Мелиа дидгылеит.

Кобахиӡеи Мелиеи аицәҳара иалагеит.

Аинцидент минуҭқәак инагӡон.

«Абарҭ ахәымгақәа абас апровокациақәа ҟарҵоит. Апровокатор, амбжьах, ахшыҩда, ахәымга», — иҳәеит Кобахиӡе Мелиа иахь ихы рханы.

Ника Мелиа ажурналистцәа иреиҳәеит Кобахиӡе амцҳәара алшара иҭатәым ҳәа.

«Алхраҧхьатәи аиҧыларашҟа инеиз аҭынчуаа ҳәызбала изхәо абарҭ ауаа ҳара апровокаторцәа ҳәа ҳзырҳәоит. Русҭави ауаа ҳара иаҳхәызшәа ирҳәоит. Абри ауаҩ амцәҳара дашьцылоуп, аха, уажәшьҭа уи еиҧш алшара иаҳҭар ҟалом», — иҳәеит Ника Мелиа.