Естониа аԥыза - Ахымца аанкылара импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы ауаа рыргәаҟра аҟәыҵра иаанагом, Қырҭтәылеи Донбаси, Ҟрыми абри еиԥш агха ҟаҳҵахьеит, уаҳа ари ҳзыҟаҵом
Естониа аԥыза - Ахымца аанкылара импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы ауаа рыргәаҟра аҟәыҵра иаанагом, Қырҭтәылеи Донбаси, Ҟрыми абри еиԥш агха ҟаҳҵахьеит, уаҳа ари ҳзыҟаҵом

Ахымца аанкылара импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы ауаа рыргәаҟра аҟәыҵра иаанагом, Қырҭтәылеи Донбаси, Ҟрыми абри еиԥш агха ҟаҳҵахьеит, уаҳа ари ҳзыҟаҵом,  –  “Гардиан” аинформациа ала ари аҳәамҭа ҟалҵеит Естониа аԥыза-министр Каиа Калас.

Естониа аԥыза-министр Украина иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәан, аинфлиациеи ахәқәа рызҳареи ирыхҟьаны, Украина аганахьала Урыстәыла аинтервенциа ақәҿыҭра аганахьала европатәи акзаара ахьчара иаҳа-иаҳа шыуадаҩхо иазгәалҭеит.

“Гардиан” аинформациа ала, Каиа Калас Франциа ахада Еммануель Макрон Владимир Путин аконфликт адипломатиатә мҩала аҭыԥқәҵара ахьидигалаз акритика изиуит.

“Ҳсанкциақәа ҳаргьы иаҳԥырхагоуп. Раԥхьаӡа, асанкциақәа Урыстәыла ауадаҩ ҭадыргылеит, аха уажәы асанкциақәа ҳтәылақәагьы ирԥырхагоуп. Уажәы иқәҳаргылароуп азҵаара – ари ачҳара иҳалшо иҳалымшо. Акзаара имариам, аенергоресурсқәа рыхәқәа рызҳареи аинфлиациеи ирыхҟьаны, уи иаҳа ицәгьоуп”, – аалыцҳаит Каиа Калас.