Ентони Блинкен -  Украина иаҿагыланы  Урыстәыла имҩаҧнаго  аибашьра лассы инымҵәар ауеит, убри аҟынтә, Владимир Путин иқәыҕәҕәара наҳагӡароуп
Ентони Блинкен -  Украина иаҿагыланы  Урыстәыла имҩаҧнаго  аибашьра лассы инымҵәар ауеит, убри аҟынтә, Владимир Путин иқәыҕәҕәара наҳагӡароуп

 

«Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго  аибашьра лассы инымҵәар ауеит, убри аҟынтә, Владимир Путин иқәыҕәҕәара наҳагӡароуп», — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Еврокомиссиа ахада Урсула  фон дер Лаиани иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

«Рыцҳарас иҟалаз, абри зегьы лассы инымҵәар ҟалап, убри аҟынтә, еицыҟаҳҵо аус наҳагӡароуп», — иҳәеит  Блинкен.

«Иара дааангылаанӡа, аибашьра нҵәаанӡа, аурыс арбџьармчқәа ицаанӡа, аукраин жәлар рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи еиҭашьақәдыргылаанӡа  Украина ацхраара наҳагӡароуп», — иҳәеит  Блинкен.