Ентони Блинкен - Вашингтон Урыстәыла атерроризм аспонсорс азхаҵара алшара иахәаҧшуеит
Ентони Блинкен - Вашингтон Урыстәыла атерроризм аспонсорс азхаҵара алшара иахәаҧшуеит

Америка аҳәынҭқарратә  маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҳәамҭала, Вашингтон Урыстәыла атерроризм аспонсорс азхаҵара алшара иахәаҧшуеит.  Блинкен ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Сенат акомитет аҿы данықәгылоз.

«Ҳара ари азҵаара ҳалацәажәоит, аиуристцәа ари азҵаара ҭырҵаауеит. Сгәаанагарала, аурысцәа украинаа ирҿагыланы атеррор мҩаҧыргоит. Аиуристцәа аус руеит абри аҩыза аӡбара адкыларазы ҳгәаанагара азакәан ала ишьақәыргылоу  аҧҟарақәа иахьынӡарышьашәалоу еилыркаарц азыҳәан», — иҳәеит Блинкен.