Ентони Блинкен -  Аҵыхәтәантәи шықәсыкибжаки, иара убас,  2014 шықәсазгьы, уи аҧхьа Қырҭтәылагьы путинтәи Урыстәыла иҟанаҵаз зегьы лабҿаба аанарҧшуеит иара ахадаратә принципқәа мап шырцәикуа
Ентони Блинкен -  Аҵыхәтәантәи шықәсыкибжаки, иара убас,  2014 шықәсазгьы, уи аҧхьа Қырҭтәылагьы путинтәи Урыстәыла иҟанаҵаз зегьы лабҿаба аанарҧшуеит иара ахадаратә принципқәа мап шырцәикуа

«Аҵыхәтәантәи шықәсыкибжаки, иара убас,  2014 шықәсазгьы, уи аҧхьа Қырҭтәылагьы путинтәи Урыстәыла иҟанаҵаз зегьы лабҿаба аанарҧшуеит иара ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи уҳәа, ахадаратә принципқәа мап шырцәикуа», — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен.

Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Беикер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә политика аинститутаҿ данықәгылоз.

«Сгәы ишаанаго ала,  аҭагылазаашьа зеиҧшраҵәҟьоу шеилаҳкаауа агәра ганы ҳаҟазароуп. Шьҭахьҟа шьаҿак ҟаҵаны, ҳахьыҟоу ҳахәаҧшыр, Аибашьра хьшәашәа ашьҭахь амилаҭ рықәхра афакт аабоит. Ҳаҧхьаҟа иҟало, ҳҧеиҧш аҳәаақәҵаразы аконкуренциа ҕәҕәа мҩаҧысуеит.  Урыстәыла, путинтәи Урыстәыла аконкурентцәа иреиуп.   Аҵыхәтәантәи шықәсыкибжаки, иара убас,  2014 шықәсазгьы, уи аҧхьа Қырҭтәылагьы путинтәи Урыстәыла иҟанаҵаз зегьы лабҿаба аанарҧшуеит иара ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи уҳәа, ахадаратә принципқәа мап шырцәикуа», — иҳәеит Ентони Блинкен.