«Реитер» - Ентони Блинкен Украинеи урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара иҭагыло егьырҭ 18 ҳәынҭқарреи рзы  2 миллиард адоллар ацхыраара иазкны ааицҳауеит
«Реитер» - Ентони Блинкен Украинеи урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара иҭагыло егьырҭ 18 ҳәынҭқарреи рзы  2 миллиард адоллар ацхыраара иазкны ааицҳауеит

Украина ивизитаан Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Ентони Блинкен Украинеи урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара иҭагыло егьырҭ 18 ҳәынҭқарреи рзы  2 миллиард адоллар ацхыраара иазкны ааицҳауеит. Агентра «Реитер» ари аинформациа аланарҵәеит Америка аҳәынҭқарратә департамент адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Аҭыжьымҭа аинформациаҿы иарбам Америка ари ацхыраара ззоунашьҭуа аҳәынҭқаррақәа, иара убас, цқьа еилкаам Украина шаҟа аҧара аиуа.

Иахьа Ентони Блинкен  Киев даҭааит.