Ентони Блинкен – Сара Саломе Зурабишвили слацәажәеит, Украина адгыларазы Қырҭтәыла саҭабууп  
Ентони Блинкен – Сара Саломе Зурабишвили слацәажәеит, Украина адгыларазы Қырҭтәыла саҭабууп  

 

«Сара Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили слацәажәеит Украина адгыларазы Қырҭтәыла аҭабура азаасырҧшырц азыҳәан», — иҩит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен  «Твитер» аҿы.

Блинкен иҳәамҭала, аиҿцәажәараан иаҵшьны иазгәаҭан Америка Украинагьы Қырҭтәылагьы рҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло.

«Сара Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили слацәажәеит Украина адгыларазы Қырҭтәыла аҭабура азаасырҧшырц азыҳәан. Сара иаҵшьны иазгәасҭеит Америка Украинагьы Қырҭтәылагьы рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло», — иҩит Блинкен.