Ентони Блинкен ишааицҳаз, Украина аконтржәылара арҭ амчыбжьқәа рзы иалагаоит
Ентони Блинкен ишааицҳаз, Украина аконтржәылара арҭ амчыбжьқәа рзы иалагаоит

ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ишааицҳаз, Украина аконтржәылара арҭ амчыбжьқәа рзы иалагаоит. Блинкен ари иазгәеиҭеит “Фоқс ниус” аинтервиу аҿы.

ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ишазгәеиҭаз ала, Украина афронт аҿы иамоу ақәҿиарақәа ирыбзоураны, аиҿцәажәарақәа азааигәахар алшоит.

„Урыстәыла аманшәалара амам, урҭ Украина ахсаалантә аныхра рҭахын, Урыстәыла тәылаҽацәны ари атәыла аԥсахра рҭахын. Аха ирылымшеит. Украинаа аконтржәылара шазхәыцуа иаадыруеит. Украина афронт аҿы амоу ақәҿиарақәа ирыбзоураны, аиҿцәажәарақәа азааигәахар алшоит”, – иҳәеит Блинкен.

ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ишааицҳаз, ЕАШ Украинаҿ аҭынчра ашьақәгыларазы иарбанзаалак атәыла, Китаи уахь иналаҵаны, абжьаҟазара ақәшаҳаҭхоит.