Еммануел  Макрон – Уи акризис акәымкәа, еибашьроуп, ҳазынтәгьы аихшьаала ҟаҳҵароуп
Еммануел  Макрон – Уи акризис акәымкәа, еибашьроуп, ҳазынтәгьы аихшьаала ҟаҳҵароуп

«Уи акризис акәымкәа, еибашьроуп, Путин аибашьратә операциақәа рымҩаҧгара иӡбеит», — иҳәеит Франциа ахада Еммануел Макрон Европатәи Ахеилак аилатәара ҷыда ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

«Уи акризис акәымкәа, еибашьроуп. Путин арратә операциақәа ралагаразы аӡбара идикылеит. Сааҭқәак раҧхьа ахада Зеленски ҳиацәажәеит, Украина аҭынчуаа шҭахаз ҳаиҳәеит. Аибашьра ҳҭагылоуп, ҳазынтәгьы аихшьаала ҟаҳҵароуп. Путин аконфронтациа алогиашҟа ҳирхынҳәыр иҭахуп. Абри аӡбара  — жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рпринципқәа зегьы еиланагоит», — иҳәеит Еммануел Макрон.