ЕАШ  Украина миллиард доллар иаԥсоу арратә цхыраара  иацҵаны азалнахит
ЕАШ Украина миллиард доллар иаԥсоу арратә цхыраара иацҵаны азалнахит

ЕАШ Украина  миллиард доллар иаԥсоу арратә цхыраара иацҵаны азалнахит. Ари атәы аарыцҳаит Пентагон аҟынтә.

“Роитер” аинформациа ала, Украина адгыларатә пакет ала иазыԥхьагәаҭоуп аицҭырҟьаратә мца аракетатә система “Ҳаимарс” азы аибашьыга маҭәахәқәеии, 155 мм артиллериатә системазы артҟәацгақәеи, 120 мм аминаршәгақәеи, атанкҭархага системақәеи аибашьыга-медицинатә машьынақәеи рыҭара.

Џьо Баиден иадминистрациа инеизакны Украина азалнахит 9.8 миллиард доллар.