ЕАШ Украина 1,2 миллиард доллар ацхыраара апакет ҿыц азалнахуеит
ЕАШ Украина 1,2 миллиард доллар ацхыраара апакет ҿыц азалнахуеит

ЕАШ Украина 1,2 миллиард доллар ацхыраара апакет ҿыц азалнахуеит. Ари аанацҳаит Пентагон апрессмаҵзура.

Ацхыраара апакет ҿыц хықәкыс амоуп Украина аҳауатә хыхьчара арӷәӷәареи артиллериатә маҭәахәқәеи раархәара.

ЕАШ иашьҭанеиуа апакет ала иазыԥхьагәаҭоуп апилот дызмам аԥырратә аппаратқәа ирҿагыланы, 155 мм артиллериатә хыршәқәеи, иацҵаны аҳауатә тәылахьчаратә системақәеи аибашьыга маҭәахәқәеи рыла аиқәышәара.

Лаҵара 3 рзы ЕАГ Украина азалназит 300 миллион иаҟароу арратә ацхыраара апакет ҿыц.