ЕАШ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ - ЕАШ аинтересқәа ахаан ирыламызт аҭынчра ашьақәыргылара
ЕАШ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ - ЕАШ аинтересқәа ахаан ирыламызт аҭынчра ашьақәыргылара

ЕАШ аинтересқәа ахаан ирыламызт аҭынчра ашьақәыргылара, – иҳәеит ЕАШ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антонов.

“Вашингтон аҵак ду змоу ҩзҵаарак ирыдҳәаланы апозициа ӷәӷәа амоуп. Сзыхцәажәоу  F-16 атип змоу аибашьыга ҳаирпланқәа Киев аҭара азҵаареи Ҟрым ажәылараан америкатәии мраҭашәаратәи абџьар ахархәаразы ақәшаҳаҭреи рызҵаароуп. Арҭ ашьаҿақәа рыла даҽазнык иубарҭоуп ЕАШ аинтересқәа ахаан ишрыламызт аҭынчра ашьақәыргылара“, – иеит Антонов.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иажәақә рыла, Ҟрым ажәылара Москва “Урыстәыла афедерациа аҵакырадгьыл ақәлара” еиԥш иахәаԥшуеит.