ЕАШ ахаҭарнакратә палата Украина иацҵаны 40 миллиард доллар азалхра адгылеит
ЕАШ ахаҭарнакратә палата Украина иацҵаны 40 миллиард доллар азалхра адгылеит.
Адокумент иазыԥхьагәаҭаны, афинанстә цхыраара аарԥшразы ахада изинмчқәа иазҳауеит, иахьарнахыс ЕАШ ахада 11 миллиард доллар иаҟароу афинанстә цхырааразы аӡбара адкылареи ЕАШ арезенв аҟынтә Украина абџьари арратә техникеи рыҭареи рзин имоуп.
Америкатәи аполитик Сак Шумер иажәақәа рыла, азакәанпроект асенат аҿы шьақәдырӷәӷәароуп, уи ашьҭахь адокумент ЕАШ ахада Џьо Баиден изырышьҭуеит.