ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент Америка атәылауаа рахь ааԥҳьара ҟанаҵоит Украина иқәҵырц
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент Америка атәылауаа рахь ааԥҳьара ҟанаҵоит Украина иқәҵырц

ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент Америка атәылауаа рахь ааԥҳьара ҟанаҵоит Украина иқәҵырц. Аинформациа аланарҵәеит Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, Вашингон адырра аиуит Урыстәыла Украина атәылауаҩратә инфраструктуреи аиҳабыратә обиектқәеи рганахьала  арҭ амшқәа рзы аракетатә жәылара мҩаԥнагоит ҳәа.

ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент аинформациа инақәыршәаны, урыстәылатәи ажәыларақәа атәылауааи атәылауаҩратә инфраструктуреи рзы ашәарҭа аадырԥшуеит.

Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара Америка атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Украина алшара иҟазар адгьылмҩатә транспорт рхы иадырхәарц.