ЕАР аинформациа ала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, украинатәи ахҵәацәа рхыҧхьаӡара азҳаит жәеиза миллионҩык рҟынӡа
ЕАР аинформациа ала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, украинатәи ахҵәацәа рхыҧхьаӡара азҳаит жәеиза миллионҩык рҟынӡа

ЕАР аинформациа ала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, украинатәи ахҵәацәа рхыҧхьаӡара азҳаит жәеиза миллионҩык рҟынӡа.

Аиҿкаара аҳасабырба инақәыршәаны, 4.4 миллион ҩык украинатәи ахҵәацәа агәыла-тәылақәа рахь иқәҵит. Ахҵәацәа рҟынтә 90% аҳәсеи ахәыҷқәеи роуп.

Украина анапхгара ринформациа ала, мшаԥы 9 рзы атәыла аҵакыраҿ 10 гуманитартә корридорқәа реиҿкааразы еиқәшаҳаҭхеит.

Мраҭашәаратәи аԥшыхәратә маҵзурақәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа аҭынч тәылауаа абомбақәа рыларыжьра нарыгӡоит.

Иахьа аларҵәара зауз адыррақәа рыла, урыстәылатәи аруаа аракетақәа иреихсит Миргород ақалақь.