Дональд Трамп – Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аҭынчратә аиҿцәажәарақәа рҿы бзиарак ҟалар ҟалап
Америка ахада Дональд Трамп иҳәамҭала, Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аҭынчратә аиҿцәажәарақәа рҿы бзиарак ҟалар ҟалап. Иара ари атәы иҩит асоциалтә аҳа Truth Social.
«Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аҭынчратә аиҿцәажәарақәа рҿы апрогресс иҟоума??? Шәара шәхаҭа уи жәбаанӡа ихашәымҵан, аха, ари апроцессаҿ бзиарак иҟазар ҟалап. Америка Анцәа иныҳәааит!» — иҩит Дональд Трамп асоциалтә аҳаҿы.
Иацы, Украинеи Америкеи рделегациақәа Женева имҩаҧыргаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь Америка Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио ишиҳәаз ала, аиҿцәажәрақәа рҿы апрогресс ду иҟан, аха, иҵегьы аус здулатәу азҵаарақәа иҟоуп.