Доҳа агәҭаны, Абираҟқәа рышҭаҿ Қырҭтәыла иазку абаннер дыргылан, атәыла аӡыргаратә видеонҵамҭа ддырбеит
Доҳа агәҭаны, Абираҟқәа рышҭаҿ Қырҭтәыла иазку абаннер дыргылан, атәыла аӡыргаратә видеонҵамҭа ддырбеит

Ҟатар аҳәынҭқарраҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭеи Ҟатар Амилаҭтә музеи рыцхыраарала, Доҳа агәҭаны, Абираҟқәа рышҭаҿ ақырҭуа абаннер аартреи атәыла аӡыргаратә видеонҵамҭа арбареи мҩаҧган.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, жәамш рыҩныҵҟала, Абираҟқәа рышҭах, арыцхәтә екранаҿ Қырҭтәыла иазку авидеоклип ддырбоит.

«Ашьапылампыл азы 2022 шықәсатәи адунеитә чемпионат аан   Flag Plaza  зегьы реиҳа зҵакы дуу атуристтә ҭыҧхоит, уаҟа, ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиҧшым акультуратәи агәырҿыхаратәи уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.