Дмитри Саӡаҕлишвили  - Саакашвили амлашьра наигӡоит
Дмитри Саӡаҕлишвили  - Саакашвили амлашьра наигӡоит

Михаил Саакашвили идукат Дмитри Саӡаҕлишвили  иҳәамҭала,   Саакашвили амлашьра наигӡоит,  избанзар,  апенитенциартә усбарҭеи Аиустициа аминистрреи рҟынтә  №18тәи аусбарҭа аҟынтә ииагаразы аофициалтә аҭак рмоуӡацт.

«Михаил Саакашвили  амлашьра наигӡоит,  избанзар,  апенитенциартә усбарҭеи Аиустициа аминистрреи рҟынтә  №18тәи аусбарҭа аҟынтә ииагаразы аофициалтә аҭак ҳмоуӡацт. Саакашвили ихаҭа ишиҳәаз ала, русҭавтәи абахҭаҿгьы амедицинатә сервис иаҳа еиҕьын.  Убри алагьы иубарҭоуп Михаил Саакашвили   ихәышәтәразы акәымкәа, апсихологиатә ақәыҕәҕәаразы  абрахь дшааргаз», —  иҳәеит Дмитри Саӡаҕлишвили.