Дмитри Песков - Путини Зеленскии реиԥылара алшахоит урыстәылатәии украинатәи аганқәа аҩныҟатәи адҵақәа аныҟарҵо ашьҭахь
Дмитри Песков - Путини Зеленскии реиԥылара алшахоит урыстәылатәии украинатәи аганқәа аҩныҟатәи адҵақәа аныҟарҵо ашьҭахь

Кремль аҟынтә ишаарыцҳаз, иахьазы Путини Зеленскии реиԥылара ашьаҭа амаӡам. Ари атәы ааицҳаит Путин ипресспикер Дмитри Песков.

„Украинатәи аделегациа арадарқәа рҟынтә ицәыӡит, аиҽцәажәарақәа уажәы мҩаԥысуам. Путини Зеленскии реиԥылара алшахоит урыстәылатәии украинатәи аганқәа аҩныҟатәи адҵақәа аныҟарҵо ашьҭахь. Ари макьана ҟамлацт, убри аҟынтә  аиԥылара ашьаҭа амаӡам“, – иҳәеит Песков.