Дмитри Песков - Киеви Москвеи рыбжьара адиалог амҩаԥгаразы ашьаҭа иаабом
Дмитри Песков - Киеви Москвеи рыбжьара адиалог амҩаԥгаразы ашьаҭа иаабом

Киеви Москвеи рыбжьара адиалог амҩаԥгаразы ашьаҭа иаабом, –иҳәеит Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков “Росия-1” аинтервиу аҿы.

“Уажәы аказы ҳаиқәшаҳаҭхарц азы ашьаҭа ҳамам. Иарбанзаалак адиалог амҩаԥгаразы ашьаҭа иаабом”, – иҳәеит Песков.

Песков иажәақәа рыла, Урыстәылаҟны аиҿцәажәара алагаразы азин Киев “ахылаԥшцәа” арҭом.

„Ҳара иаабо абри ауп – а) – арежим ари ишаҭахым; б) – аҽазыҟаҵара ахьрымам; в) –  аиҿцәажәара алагаразы азин Киев “ахылаԥшцәа” ахьарымҭо. Убри аҟынтә уажәы адиалог амҩаԥгаразы ашьаҭа иаабом”, – иҳәеит Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ.