Дмитри Песков иҳәамҭала, Херсонынтә арбџьармчқәа ралгара афакт  Херсонтәи атәылаҿацә астатус аҧсахуам
Дмитри Песков иҳәамҭала, Херсонынтә арбџьармчқәа ралгара афакт  Херсонтәи атәылаҿацә астатус аҧсахуам

 

Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟгаҩ Дмитри Песков иҳәамҭала, Херсонынтә арбџьармчқәа ралгара афакт  Херсонтәи атәылаҿацә астатус аҧсахуам.

„Уи Урыстәылатәи афедерациа асубиектуп. Ари астатус азакәан ала ишьақәырҕәҕәоуп. Ари аганахьала аҧсахрақәа ҟалом. Херсонынтә арбџьармчқәа ралгара иазку аӡбара идикылеит атәылахьчара аминистр. Убри аҟынтә, Атәылахьчара аминистрра шәадҵаал, сара уаҳа акгьы сызшәаҳәом“, – иҳәеит Песков ажурналистцәа данрацәажәоз.