Дмитри Песков – Иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, урыстәылатәи аделегациа украинаа рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы Беларусь иаҭааит
Дмитри Песков – Иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, урыстәылатәи аделегациа украинаа рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы Беларусь иаҭааит

Урыстәылатәи аделегациа украинаа рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы Беларусь иаҭааит.  Урыстәылатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Урыстәыла ахада иадминистрациа адырра шьаҭас иҟаҵаны.

«Иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, ахада иадминистрациеи, егьырҭ аусбарҭақәеи ахаҭарнакцәа рыла еиҿкаау урыстәылатәи аделегациа украинаа рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы Беларусь иаҭааит. Гомель ақалақь аҿы аиҿцәажәарақәа ралагара ҳазыхиоуп», — иҳәеит  Песков.