Дмитри Кулеба - Мариуполь агуманитартә коррдор аиҿкааразы ахыдҵа Сергеи Лавров изымгеит, аха ари азҵаара иадҳәалны иашьашәалоу ахаҿқәа рҟны аимадара абжьаҵара иазкны ажәа ҳаиҭеит
Дмитри Кулеба - Мариуполь агуманитартә коррдор аиҿкааразы ахыдҵа Сергеи Лавров изымгеит, аха ари азҵаара иадҳәалны иашьашәалоу ахаҿқәа рҟны аимадара абжьаҵара иазкны ажәа ҳаиҭеит

Ацәажәара егьымариан, егьыцәгьан, – иҳәеит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба аурыс иколлега Сергеи Лавров иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы.

“Аиԥылара сааҭқәак мҩаԥысуан. Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Чавушоӷлу иҭабуп ҳәа иасҳәоит ари аиԥылара аиҿкааразы. Ари имариамыз усын. Ацәажәара егьымариан, егьыцәгьан.

Мариуполь агуманитартә коррдор аиҿкааразы ахыдҵа Сергеи Лавров изымгеит, аха ари азҵаара иадҳәалны иашьашәалоу ахаҿқәа рҟны аимадара абжьаҵара иазкны ажәа ҳаиҭеит. Аминистр Лавров Украина иадҳәаланы итрадициатә наратив наигӡон, убри аҟынтә ацәажәара мариан. Аибашьра ахьыҟоу арегионқәа, иакәыршоу ақалақьқәа рҿы агуманитартә трагедиа адипломатиатә аӡбара аԥшааразы исылшоз зегь ҟасҵеит – ари имариамызт. Иахьазы зегь реиҳа ицәгьоу аҭагылазаашьа Маруполь, Азовтәи амшын аҟәараҿы иҟоуп, арҭ аҭыԥқәа уажәы абомбақәа рыларыжьра иаҿуп. Абра агуманитартә хықәкқәа рзы, агуманитартә корридорқәа реиҿкааразы сааит, Мариуполь агуманитартә цхыраара ҳалшар азы,” – иҳәеит Кулеба.

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр ишааицҳ Мариуполь агуманитартә коррдор аиҿкааразы ахыдҵа Сергеи Лавров изымгеит, аха ари азҵаара иадҳәалны иашьашәалоу ахаҿқәа рҟны аимадара абжьаҵара иазкны ажәа ииҭеит.

Урыстәылеи Украинеи рыбжьара актәи адипломатиатә аиҿцәажәара Анталиа, адиплолматиатә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҭырқәтәылатәи аган аԥшьгарала мҩаԥган. Уи ихы алаирхәит ырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлед Чавушоӷлу.