"Деили меил" аинформациала, Украина адгылара аарԥшразы, Борис Џьонсон Киев ддәықәлар ҟалап

Британиатәи аҭыжьымҭа “Деили меил” аинформациала, Украина адгылара аарԥшразы, Британиа ду аԥыза-министр Борис Џьонсон Киев ддәықәлар ҟалап.

Аих аинформациала, Британиа ду ашәарҭадаратә маҵзура аибашьра ахьыҟоу азонаҿ аԥыза-министр ивизит иақәшаҳаҭым, аха аԥыза-министр “ацара иҭахуп”.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы, Украина адгылара аарԥшразы Киев иаҭааит Польшеи, Чехиеи, Словениеи рԥыза-министрцәа.