CNN - Украина Америка азаанацҳаит есымша  500 цыра "Stinger"-и 500 цыра  "Javelin"-и  шырҭаху
CNN - Украина Америка азаанацҳаит есымша  500 цыра "Stinger"-и 500 цыра  "Javelin"-и  шырҭаху

CNN адыррақәа рыла, Украина Америка анапхгара ирызцәырнагеит дара ирҭаху арратә цхыраара аиқәыҧхьаӡа. Уаҟа ишану ала, Украина есымша ирҭахуп   500 цыра америкатә азениттә ракетақәа «Stinger»-и 500 цыра атанкҭархагатә ракетақәа  «Javelin»-и.

Америкатә АИХ адыррақәа рыла, уаанӡа украинатәи аган иаарышьҭыз асиа иарбан шәкыла иаҳа имаҷны аракетақәа.

Иара убас, АИХ адыррақәа рыла, Украина Америка анапхгара ирзаанацҳаит аҳаирпланқәеи, авертолиотқәеи, азениттә комплексқәа С-300 шырҭаху.

Бриуссель имҩаҧгаз абрифинг аҿы Баиден ишааицҳаз ала, Украинаҟа идәықәырҵоит акәылӡтехникеи, аџьаҧҳани, аибашьыгақәеи.

Британиа анапхгарагьы  Украина 6000 цыра аракетақәеи 33 миллион адоллар ацхыраареи аҭаразы аҳәамҭа ҟарҵеит.