Чехиа аҧыза-министр игәаанагарала, Урыстәылеи Китаии Украина аибашьра ахыркәшара иазку аҭынчратә инициативақәа хымҧада ирылахәызароуп
Чехиа аҧыза-министр Петр Павел игәаанагарала, Урыстәылеи Китаии Украина аибашьра ахыркәшара иазку аҭынчратә инициативақәа хымҧада ирылахәызароуп.
Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит агентра СТК аинтервиу анеиҭоз.
Павел иажәақәа рыла, 2024 шықәса анҵәамҭеи 2025 шықәса алагамҭеи рзы урыстәыла-украинатә еибашьраҿы аиҭакрақәа Ҟалап ҳәа дгәыҕуеит. Афакторқәа раҳасабала, иара, зҵакы дуу тәылақәак рҿы, Америкагьы, имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа дрылацәажәоит, насгьы, иара ишиҳәаз ала, Урыстәылагьы Украинагьы ари аибашьра иарааҧсеит.
Петр Павел иазҵааит Урыстәыла аҭынчратә саммит иалахәхәар ҟалома ҳәа. Иара ишиҳәаз ала, уи еиҧш алшара ҟалоу иҟамлоу макьана идырым, аха, игәаанагарала, Урыстәыла хымҧада аҽаланархәыроуп. Насгьы Павел ишазгәеиҭаз ала, Москва ахатә хымҩаҧгашьа амҧсахыр, Украина акапитулиациа аҳәара иаҟәымҵыр, аҭынчратә аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылҵуам.
«Урыстәылеи Китаии рыда аҭынчратә аиҿцәажәарақәа зыҟалом», — иҳәеит Петр Павел.
Чехиа аҧыза-министр игәаанагарала, Китаи аҟынтә Москвазы ақәыҕәҕәара ҟамлар, Урыстәыла ахатә хымҩаҧгашьа иаҧсахуам.