Британиатәи аԥшыхәра - Аӡкыра аԥжәара ашьҭахь, Урыстәыла Запорожиеи Бахмути рхырхарҭақәа рырӷәӷәаразы арратә хәҭақәа риагара алагеит
Британиатәи аԥшыхәра - Аӡкыра аԥжәара ашьҭахь, Урыстәыла Запорожиеи Бахмути рхырхарҭақәа рырӷәӷәаразы арратә хәҭақәа риагара алагеит

Каховкатәи аӡкыра аԥжәара ашьҭахь, аҵыхәтәантәи жәамш ирылагӡаны, Урыстәыла Запорожиеи Бахмути рхырхарҭақәа рырӷәӷәаразы арратә хәҭақәа риагара алагеит. Ари иануп  Британиатәи аԥшыхәра аланарҵәаз есымшатәи аҳасабырбаҿ.

Британиа арратә ԥшыхәра аинформациа ала, 49-тәи ар зықьҩыла аруаа роуп зыхцәажәоу, урҭ ируп 34-тәи амотохысратә бргадеи, аҳауатә-десанттә мчқәеи, амшынтә хәҭақәеи.

Британиатәи аԥшыхәра аҳасабырбаҿ ишану ала, Урыстәыла днепртәи арратә гәыԥқәа рдислокациа ахьаԥсыхаз, Каховкатәи аӡкыра аилаҳара ашьҭахь украинаа ржәылара Днепр аҟынтә иалагом ҳәа Москва агәаанагара аанарԥшуеит.