Британиа ду атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ ишааицҳаз ала, Британиа Украинахь атанкҭархага абџьар дәықәҵара иалагеит
Британиа ду атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ ишааицҳаз ала, Британиа Украинахь атанкҭархага абџьар дәықәҵара иалагеит

Британиа ду атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Бен Уолес ишааицҳаз ала, аинтервенциа ҟалар атәыла ахыхьчара алшар азы, Британиа Украинахь атанкҭархага абџьар дәықәҵара иалагеит. Ари атәы аанацҳаит “Роитер”.

“Аӡбара ҳадаҳкылеит Украинашҟа атанкҭархага ахыхьчара системақәа рышьҭра иазкны,”- иҳәеит Уолес.

Иажәақәа рыла, асистема актәи апартиа Украинаҿ иҟоуп. Иара убас, британиатәи арратә гәыԥ хәыҷы Украина атренинг мҩаԥнагоит.