Болгариа апрокуратура Урыстәыла атәылауаа ирхарарҵеит Қырҭтәылеи Украинеи ирызкыз аџьаҧҳаны ахьышьҭаз ашьҭаҵарҭақәа рыҧжәара
Болгариа апрокуратура Урыстәыла атәылауаа ирхарарҵеит Қырҭтәылеи Украинеи ирызкыз аџьаҧҳаны ахьышьҭаз ашьҭаҵарҭақәа рыҧжәара

Болгариа апрокуратура фҩык Урыстәыла атәылауаа гәҩарас ирымоуп атәыла арратә зауадқәа рҿы аџьаҧҳаны  ашьҭаҵарҭақәа рыҧжәара. Араҟа иалацәажәоит  2011 инаркны  2020 шықәсанӡа тәылаҿы иҟалаз 4 диверсиак, – иахьа ари атәы аалыцҳаит Болгариа апрокуратура апресс-маӡаныҟәгаҩ Софиа Сиика Милева.

Апрокуратура заанаҵтәи адыррақәа рыла,  абарҭ адиверсиқәа мҩаҧган абизнесмен Емелиан Гебрев итәыз абџьара аҧжәара амзызла.

Ишеилкаахаз ала, абри абџьар Қырҭтәылеи Украинеи рахь идәықәырҵар акәын.

Ахара зду фҩык рҟынтә хҩык даҽа ацәгьауракгьы рхарарҵоит –  аилахәыра «Emco»  аҧшәма Гебрев  2015 шықәсазы ишьра.

«Ҧшьфактк рҟынтә абылреи аҧжәареи зыхҟьар зылшоз  аконкреттә техникатә мзызкгьы аарҧшымызт. Афактқәа рызынтәгьы раан иқәхын Қырҭтәылеи Украинеи ирызкыз абџьар. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәылеи Украинеи рахь абџьар анагара иаҧырхагхарц азыҳәан абарҭ адиверсиақәа зымҩаҧыргаз», — илҳәеит Болгариа апрокуратура апресс-маӡаныҟәгаҩ.