Вахтанг Гомелаури – Урыстәыла атәылауаа рыла аҳәаа ахысра арбага еиҵхеит 50%-ла
Вахтанг Гомелаури – Урыстәыла атәылауаа рыла аҳәаа ахысра арбага еиҵхеит 50%-ла

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Урырстәыла атәылауаа рыла Қырҭтәыла аҳәаа ахысра иадҳәаланы уажәааны аларҵәара зауз аинформациа дахцәажәеит.

Иара иажәақәа рыла,  2019 шықәса иашьашәалоу аамҭа иаҿаурҧшыр, иахьазы  Урыстәыла атәылауаа рыла аҳәаа ахысра арбага еиҵхеит 50%-ла.

«Урырстәыла атәылауаа рыла Қырҭтәыла аҳәаа ахысра иадҳәаланы уажәааны аларҵәара зауз аинформациа сазааҭгылар сҭахуп.  Ишыжәдыруа ала 2020-2021 шықәсқәа рзы апандемиа амшала аҳәаа иаркын.  2019-и 2022-и шықәсқәа иашьашәалоу аамҭа еиҿаҳарҧшыр, иахьазы арбага  50%-ла еиҵуп.  Қырҭтәыла иаауа Урыстәыла атәылауаа зегьы ахҧатәи атәылақәа ирысны ауп ишаауа», — иҳәеит Вахтанг Гомелаури.