Болгариа аиҳабыра аҳәамҭала, Урыстәыла аусԥшаара аинформациала Ҟрымтәи ацҳа аԥжәара аус аҿы иаарԥшу аидаратә машьына, Болгариа аҵакырадгьыл аҿы ахаан иҟаӡамызт
Болгариа аиҳабыра аҳәамҭала, Урыстәыла аусԥшаара аинформациала Ҟрымтәи ацҳа аԥжәара аус аҿы иаарԥшу аидаратә машьына, Болгариа аҵакырадгьыл аҿы ахаан иҟаӡамызт

Болгариа аиҳабыра аҳәамҭала, Урыстәыла аусԥшаара аинформациала Ҟрымтәи ацҳа аԥжәара аус аҿы аарԥшу аидаратә машьына, Болгариа аҵакырадгьыл аҿы ахаан иҟаҿӡамызт.  Ари атәы аанацҳаит болгариатәи агентра BGNEWS.

” Урыстәыла аусԥшаара аинформациала Ҟрымтәи ацҳа аԥжәара аус аҿы аарԥшу аидаратә машьына, Болгариа аҵакырадгьыл аҿы ахаан иҟаӡамызт, ари шьақәырӷәӷәоуп”, – аарыцҳаит Болгариа аиҳаыбра апрессмаҵзура аҟынтә.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, атәыла ахьӡ атерористтә усзура адырҳәаларц Болгариа аиҳабыра аӡәгьы алшара рырҭом.

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, жьҭаара 8 рзы итҟәацыз аидаратәи машьынала аполиетилен ииаргон.